Sputnik Аԥсны
СтатистикаАжәабжьқәа – аԥсышәала! Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал
- Последний пост
- 14 авг.
- Последнее чтение
- 15 авг.
- Постов за неделю
- 87
- Всего постов
- 87
- Тип
- открытый
- Язык
- казахский
- В каталоге с
- 12 авг.
- 1/24сутки в ленте
- 25
- 1/48двое суток
- 28
- 1/72трое суток
- 30
Оценка по просмотрам недавних постов: пост набирает почти всё за первые сутки.
Посты
Аҟәа аԥшаҳәа аҿиаразы 100 инареиҳаны апроектқәа аус рыднаулеит аԥснынтәи анапхгараҭаратә команда алахәылацәеи аҟазарҭа "Сенеж" аусдырцәеи дареи. Агәыԥ алахәын Нижни Новгород, Казань, Москва мчыбжьык имҩаԥысуаз арҵаратә ҭҵаара. Алахәылацәа иҭырҵааит ауаажәларратә ҵакырақәа рыҿиареи рнапхгареи, аиҿкаареи, ахҭысқәа рымҩаԥгашьеи, ақалақьтә еилазаарақәа аус рыдулареи рзы урыстәылатәи аԥышәа. Апрограмма аихшьаалақәа рыла, "Сенеж" аусдырцәеи аԥснытәи акомандеи ишьақәдыргылеит аԥшаҳәа ԥхьаҟатәи адирекциа акадртәи аиҿкааратәи еилазаашьа, 2026-2027 шықәсқәа рзы аусмҩаԥгатәқәа рпроектқәеи, аҵакыра инагӡаны анапхгара аусура аларгареи рзы амҩатә хсаала. Иара убас Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои дареи еиԥылеит, уи идыргалеит аԥшаҳәа анапхгараҭара амодель аусуразы ажәалагалақәа. "Иарбан проектзаалак зегь реиҳа ихадоу — ауаа роуп. Аинфраструктура аргылара ма арҿыцра алшоит, аха апрофессионалтә команда ауп арҭ аиҭакрақәа акыр шықәса аус рулартә, ауааԥсыра ахәарҭа рзааргартә аҟаҵара зылшо. Агәраганы сыҟоуп, Урыстәылеи Аԥсни русеицура алҵшәақәа ауаа есыҽны ирбо, ирныруа иҟалар — ҿырԥштәы бзиахоит", — азгәеиҭеит Кириенко. Аҭҵааратә ныҟәара еиҿкаан "Аԥсны акоманда" аԥшьгарала, Урыстәыла ахада иплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" ацхыраарала.
Аԥсни Урыстәылеи реинырра аҿиара иаҿуп ахырхарҭа хадақәа зегьы рыла — арра-политикатә инаркны асоциал-економикатә аҟынӡа, абри атәы иҳәеит атәыла ахада Бадра Гәынба, ателеканал ОТР аинтервиу аҭо. Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла Аԥсны адгылара шанаҭо аус аҿы иубарҭоуп. Аинфраструктура аҿиареи, аусурҭатә ҭыԥқәа раԥҵареи, асоциалтә усхки рҿы аусеицура аҵак ду амоуп. "Шәара ижәдыруеит абиуџьет аусзуҩцәа хаз игоу ркатегориақәак руалафахәы ахәҭак урыстәылатәи аган аԥара шырзоунажьуа. Убри аан, ҳәарада, ареспублика алшарақәагьы ирыцлоит, ҳаинырра аҳәаақәа ирҭагӡаны афинансқәа рыхәҭак азоужьра ҳхахьы иаҳгоит", — азгәеиҭеит ахада. Гәынба иазгәеиҭеит Аԥсны иааиуа ашықәсқәа рзы аҩнуҵҟатәи ахашәалахәқәа рыла арҭ ашәарақәа хадырҭәаап ҳәа агәыӷра шрымоу.
🏔️"Ҳаӡбахә ахы иҩанагоит". Ахаҵара иазку ажәаԥҟақәа: • Агәыӷәӷәара ахацәа рахь уаргылоит. • Агәаӷьра ашьха аҵкыс иааиуеит, ахаҵара амшын ируеит. • Ахаҵара зхылҵыз Нарҭаа роуп, ашәаргәындара – ҩысҭаа цырҟьоуп. • Ауаҩра зцым ахаҵара патудоуп. • Аԥсрагьы ахаҵара аҭахуп. • Мышкы ииуа мышкы дыԥсуеит, ахаҵа – ихьӡ азоуп Анцәа дзиша! • Ахаҵара азыҳәоуп ахаҵа дзиуа. • Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа. • Ахьӡи ахьымӡӷи рзоуп ауаҩы адәы дзықәу. • Аԥсуа иԥсырҭа иламыс ауп. 📌 Иҟәазны иалкаау ажәаԥҟақәа хәба адыгаа ирҳәо "Псэм ипэ напэ" (Честь дороже жизни) иашьашәалоит ҵакыла. #ажәаԥҟақәа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аналагаз амш игәалашәараҿы ишаанхаз атәы еиҭеиҳәеит урыстәылатәи ателеканал ОТР аинтервиу аҭо. Нанҳәамза 14 1992 шықәса рзы Гәынба 11 шықәса ихыҵуан. "Ари амш сгәалашәоит ҳаҩны имҩаԥысуаз аилаҩеиласреи агәҭынчымреи рыла, Аԥсуа телехәаԥшра амҩаԥгаҩ ажәлар рахь иҟаиҵаз ааԥхьара сгәалашәоит. Саб ашәарыцага шәақь иманы ддәықәлеит- аибашьра аӡәгьы дазԥшӡамызт", — иҳәеит атәыла ахада. Гәынба иажәақәа рыла, иара еиликаауан уаанӡатәи аҭынч ԥсҭазаара шынҵәаз. Еиҳарак игәалашәарақәа рҟны аҭыԥ ӷәӷәа аннакылоит — иаб изы ашәара, деибга-дызҩыда иҭаацәа рахь дхынҳәуама ҳәа. Иара убас аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, ирхыргаз ахҭысқәа зегьы иахьанӡа ажәлар хьааны ишрыцу.
"ЛЮБЭ", AY YOLA, Сулҭан Лагучев, BEARWOLF уҳәа артистцәа Аҟәа имҩаԥысран иҟоу Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Музыка гордых" аҿы иқәгылоит. Аконцерт мҩаԥгахоит нанҳәамза 26 рзы, Урыстәыла Аԥсны Ахьыԥшымра аназхаҵаз амш аҽны, Ахақәиҭра ашҭаҿы. Сценак аҿы еицықәгылоит урыстәылатәии аԥснытәии артистцәа, иара убас жәларбжьаратәи аицлабра "Музыка гордых" аҿы аиааира згаз. Аконцерт иалахәуп: Хьыбла Мықәԥҳа, Валериа Перцхьелиаԥҳа, Авто Конџьариа, Аҳәынҭқарратә хәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Абаза" уҳәа егьырҭ анагӡаҩцәагьы. Амҩаԥгаҩцәа: Алхас Манаргиа, Викториа Черенцова, Родион Газманов, Елена Мараховскаиа. Иалагоит асааҭ 19:00 рзы. Иара убас, аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убасгьы ирыларҳәоит аицлабраҿы аиааира згаз быжьҩык рыхьӡқәа. Зынӡа сынтәа авторцәеи анагӡаҩцәеи рҟынтәи аицлабрахь инашьҭын 2048 рзаҳал. Урыстәылеи Аԥсни рықалақьқәа 250 рҟынтәи. Аиҿкааҩцәа — Николаи Расторгуев ифонди арадиостанциа "Гордости", Акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонд ацхыраарала.
"Аибашьра атәы анухашҭлакгьы — даҽазны аибашьра ҟалоит". Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз аветеранцәа еиҳа-еиҳа имаҷхоит, убри азы изызҳауа аҿар рзы агәалашәаратә акциақәа мҩаԥгалатәуп ҳәа иԥхьаӡоит Леон иорден занашьоу аибашьра аветеран Ҭемыр Надараиа. "Уи иҭахаз ихәаӡом, уи ззыҟаҵатәу — иҳааӡо ахәыҷқәа рзоуп. Анцәагьы иаҳџьишьаӡом урҭ анаҳхашҭ. Ҳцәажәоит ауп акәымзар, ус еиԥш иҟоу агәаларшәаратә акциақәа ҳагуп", — иҳәеит иара. Надараиа иажәақәа рыла, аԥсуа жәлар зыԥсахыз аӡәырҩы аибашьра ашьҭахь иранажьтәымыз ранарыжьит. 🖇 Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар аихамҩа ахьчара ҽыҵгас иҟаҵаны Аԥсны аҵакыра иалалеит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 413 мшы ицон. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архив адыррақәа рыла, 1992-1993 шықәсқәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 12 нызқьҩык аԥсуа еибашьцәа, урҭ рыбжьара иҟан Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа, Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә жәларқәа, Урыстәылеи егьырҭ арегионқәа рхаҭарнакцәа. Аибашьра цонаҵы Аԥсны иаиуз аекономикатә ԥхасҭа 11,6 миллиард доллар артәеит. Ааха рыҭан акультуратә баҟақәа, иблын Аҳәынҭқарратә архиви Аԥсуаҭҵааратә институти. Инарҭбаау аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы. #social
"Ҳаԥхьагыла Владислав Арӡынба ижьара ишаҿызгьы, политикалагьы, еибашьралагьы, Шеварднадӡе идипломатиеи — зегь рыла дииааит", — иҳәеит Леон иорден занашьоу аибашьра аветеран Ҭемыр Надараиа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Ҭемыр Надараиа 34 шықәса рышьҭахь игәалаиршәоит аибашьра раԥхьатәи амшқәа ирыцыз ахҭысқәа ртәы. "Аибашьра ахҭысқәа згәалашәои ирылахәызи адунеи анаҳаԥсахлакгьы — аҭоурыхҭҵааҩцәа еиҳа аиаша анырҳәо аамҭа ҟалоит" — ҳәа агәраганы дыҟоуп Надараиа. 🖇 Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар аихамҩа ахьчара ҽыҵгас иҟаҵаны Аԥсны аҵакыра иалалеит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 413 мшы ицон. #social
"Атәра аҵкьыс аԥсра еиӷьызшьаз жәларык ыҟан ҳәа ҳзырҳәааит!" Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Ҭемыр Надараиа 34 шықәса рышьҭахь игәалаиршәоит аибашьра раԥхьатәи амшқәа ирыцыз ахҭысқәа ртәы. "Ҳара ҳшаиааиуаз здыруан ҳәа зҳәо ыҟоуп иахьагьы, аха, сара уи аҩыза агәрагара ду сымаӡамызт, избанзар, еилыскаауан дареи ҳареи ҳамчқәа зеиԥшраз. Нанҳәа 14 рзы Гагра ҳангылаз (Аԥсуа гвардиа-азгә.) дҳазнеит Надарашвили ифракциа иадгылаз адепутат. Адырҩаҽны уа адесант дыртәон, аха уи ҳара иҳаздырӡомызт. "Уара уоума аиҳабы иҳәан" ааи сҳәеит. Ус сеиҳәеит "аҷкәынцәа иуцу зҭаурхои, адунеи зегьы ақырҭцәа ирыдгылоит" ҳәа, "атәра аҵкьыс аԥсра еиӷьыршьеит ҳәа аҭоурых ҳазаанхаит ҳәа иасҳәеит", — ҳәа игәалаиршәоит аибашьра аветеран. Ақырҭшәа ззымдыруаз аԥсуаа уаҩыс ҳрыԥхьаӡаӡомызт иҳәеит Надараиа. 🖇 Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар аихамҩа ахьчара ҽыҵгас иҟаҵаны Аԥсны аҵакыра иалалеит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 413 мшы ицон. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архив адыррақәа рыла, 1992-1993 шықәсқәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 12 нызқьҩык аԥсуа еибашьцәа, урҭ рыбжьара иҟан Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа, Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә жәларқәа, Урыстәылеи егьырҭ арегионқәа рхаҭарнакцәа. Аибашьра цонаҵы Аԥсны иаиуз аекономикатә ԥхасҭа 11,6 миллиард доллар артәеит. Ааха рыҭан акультуратә баҟақәа, иблын Аҳәынҭқарратә архиви Аԥсуаҭҵааратә институти. #social
1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага амш аҽны Очамчыра аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаларшәара аҳаҭыраз ашәҭқәа шьҭарҵеит. Араион анапхгара, аусбарҭақәа русзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа рҭаацәарақәа абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Ареспубликатә хәышәтәырҭа иарҭеит 17,7 млн мааҭ зыхә наӡо амедицинатә еиқәыршәага ҿыцқәа. Ҳаамҭазтәи атехника роуит аотолорингологиа аҟәша, аультрабжьытә доплерографиа аҟәша, аендоскопиатә кабинет. Апартиа ҿыц аҿы: аексперттә класс иаҵанакуа УЗИ-аппарат, аендоскопқәа аус рыдулареи, рырԥшшареи, рыҵәахреи рзы амаругақәа, аендоскопиатә видеорбагақәа, адиагностикатә ларингофиброскоп, амониторқәа, алашара ахыҵхырҭақәа уҳәа амедицинатә маругақәа ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура. Агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа иажәақәа рыла, хара имгакәа даҽа партиак амаругақәа раара иазыԥшуп.
Владимир Путин Бадра Гәынба имшира идиныҳәалеит. Урыстәылатәи ахада иазгәеиҭеит Урыстәыла ахә ҳаракны ишыршьо Аԥсны ахада аҩ-тәылак рыбжьара аиҩызаратәи аидгыларатәи еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы хаҭалатәи илагала ҳәа аанацҳаит "Аԥсныпресс". "Агәраганы сыҟоуп арҭ аизыҟазаашьақәа аринахысгьы хра рыманы аҿиара шроуа ҳажәларқәа реизҳазыӷьаразы, арегионалтә шәарҭадареи аҭышәынтәалареи реиқәыршәара аинтересқәа рзы", — азгәеиҭеит Урыстәыла ахада. Путин Гәынба изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиарақәа. 🖇 Аԥсны ахада Бадра Гәынба иахьа 45 шықәса ихыҵит.
☑️☑️ Марат Камболов Бадра Гәынбеи Аԥсныжәлари Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш азы аацҳамҭа рзааишьҭит. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо иазгәеиҭеит, аиашьаратә республика аҭоурых аҿы нанҳәа 14 — аҭыԥ ҷыда шааннакыло. "Ари амш аҽны аԥышәара хьанҭақәа ирылагеит, урҭ раан ареспублика ажәлар иаадырԥшит агәымшәареи, ахачҳареи, агәаӷьреи рхақәиҭреи рхала рԥеиԥш аҳәаақәҵара азини рыхьчаразы", — азгәеиҭеит иара. Камболов инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари арыцхә Аахыҵ Уаԥстәыла ажәларгьы ишырзааигәоу. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуази аԥсуа еибашьцәеи ареспублика ахьчара иеицалахәын. "Урҭ ашықәсқәа рзы зхы ыҵызхыз аибашьратә еишьара наунагӡа ҳажәларқәа рзеиԥш ҭоурых иахәҭакхеит", — аҳәоит ашәҟәаҿы. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Аԥсны ахада изеиӷьеишьеит ахачҳареи адоуҳамчи, Аԥсны ажәлар — аҭынчреи аманшәалареи.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба иахьа 45 шықәса ихыҵит. Егьырҭ ашықәсқәа раан еиԥш иахьагьы атәыла ахада имшира азгәеиҭаӡом, избанзар, уи амш аҭоурыхтә рыцхә — Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз амш, нанҳәа 14 иақәшәоит. Аҳәынҭқарра ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа ишазгәеиҭаз ала, Бадра Гәынба имшира иазкны ныҳәак мҩаԥигом, избанзар ари амш лахьеиқәҵаратә мшны иԥхьаӡоит, иҭахаз ргәалашәара ҳаҭыр ақәиҵоит. "Атәыла ахада изы ари амш ныҳәаӡам, илахьеиқәҵаратә мшны иаанхоит", — азгәеиҭеит Ҷолокәуа. Егь ус акәзаргьы, ахада ихьӡала иколлегацәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи, атәылауааи рҟынтәи адныҳәаларақәа изааиуеит иҳәеит апресс-маӡаныҟәгаҩ.
Афотоцәыргақәҵа "Ажәлар рҭоурых —ажәлар иргәалашәароуп" аатит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭмузеи аҟны. Аекспозициа еиднакылеит 300 рҟынӡа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан иҭахаз аибашьцәеи, урҭ ранацәеи рабацәеи, рҭаацәарақәеи зныԥшуа архивтә фотосахьақәа. Амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа ишеиҭалҳәаз ала, ацәыргақәҵа асеиԥштәи аформат ала аус аулоит цәыббра 17 рҟынӡа, уи ашьҭахь аекспозициа дырҭбаауеит.
Гәдоуҭа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит. Араион анапхгара, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз игылоу абаҟа амҵан. Гәдоуҭа араион ахада Асҭамур Аргәын иазгәеиҭеит, нанҳәа 14 наунагӡа лахьеиқәҵаратә мшны иаанхоит ҳәа. "Аԥсадгьыл ахьчараз игылаз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи иаҳзааргаз аиааироуп- иахьа Ахьыԥшымра азхаҵара шьагәыҭс иамоу. Ҳаԥхьа ишьҭоу аусқәа ҳрылацәажәаратәы ҳҟазҵазгьы дара роуп", — иҳәеит иара. 🖇 Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар аихамҩа ахьчара ҽыҵгас иҟаҵаны Аԥсны аҵакыра иалалеит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 413 мшы ицон. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архив адыррақәа рыла, 1992-1993 шықәсқәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 12 нызқьҩык аԥсуа еибашьцәа, урҭ рыбжьара иҟан Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа, Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә жәларқәа, Урыстәылеи егьырҭ арегионқәа рхаҭарнакцәа. Аибашьра цонаҵы Аԥсны иаиуз аекономикатә ԥхасҭа 11,6 миллиард доллар артәеит. Ааха рыҭан акультуратә баҟақәа, иблын Аҳәынҭқарратә архиви Аԥсуаҭҵааратә институти.
Владислав Арӡынба Алада Ешыра иҳаҭгәынаҿ ашәҭқәа шьҭарҵеит. Аԥсны Раԥхьатәи ахада дыргәаладыршәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамур Кациа, Аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рыуацәа, аԥсуа ар аррамаҵзурауаа, ауаажәларра. 🖇 Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аԥсны ианақәла ашьҭахь нанҳәа 14 1992 шықәсазы Владислав Арӡынба аԥсуа жәлар драԥхьагылеит. Иара инапхгарала ҳажәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи азааргеит.
Аҟәа, Ахьӡ-аԥша Апарк аҿы Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз рзы абаҟа дыргылараны иахьыҟаз аҭыԥ аҿы ахаҳә шьҭарҵеит. Иахьа ареспубликаҿы имҩаԥысуеит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш иазку аусмҩаԥгатәқәа. 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны аиааира агарц ақәԥараҿы ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ахатәгәаԥхаралауааи аԥсуа еибашьцәеи еивагыланы афронтқәа рҿы еибашьуан, атыл иацхраауан. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз имш есышықәса ареспубликаҿы иазгәарҭоит нанҳәа 15 рзы. Ари амш аҽны иргәаладыршәоит Аԥсны ахьчаҩцәа, ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит ахақәиҭразы ақәԥараҿы ареспубликахь иааз хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рбаҟақәа рҿаԥхьа. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз раԥхьатәи рбаҟа аартын Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа, 2013 шықәса рзы.
Аҟәа ахәҭаки Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭеи лашарада иҟоуп ҵхыбжьон аахыс. Ԥақәашь ақыҭан афымцацәаҳәа ашьаҟа амацәыс асра иахҟьаны ауааҧсыра фымцада иҟоуп. Ацәаҳәа аиҧҟьара ахьыҟоу аҭыԥи амзызқәеи шьақәыргылоуп, аҟазауаа уи ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа…
1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага амш аҽны Ахьӡ-аԥша апарк аҿы аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаларшәара аҳаҭыраз ашәҭқәа шьҭарҵеит. Афырхацәа ргәаладыршәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамур Кациа, Аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рыуацәа, аԥсуа ар аррамаҵзурауаа, ауаажәларра. 🖇 Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар аихамҩа ахьчара ҽыҵгас иҟаҵаны Аԥсны аҵакыра иалалеит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 413 мшы ицон.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 553 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Адронқәа ҭархан Нижегородтәи, Курсктәи, Бриансктәи, Белгородтәи, Калугатәи, Смоленсктәи, Твертәи, Псковтәи, Орловтәи, Тулатәи, Липецктәи, Костромтәи, Риазантәи, Ростовтәи, Линенградтәи аобластқәа рҿы. Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегион, Краснодартәии Ставропольтәи атәылаҿацәқәа рҟны, Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.