tgindex
Ахьыуардын

Ахьыуардын

Статистика
@apsua_sputnikказахский

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.

Последний пост
14 авг.
Последнее чтение
15 авг.
Постов за неделю
5
Всего постов
23
Тип
открытый
Язык
казахский
В каталоге с
12 авг.
Подписчики
1 235
0 за 5 дн.
Сутки
0
0,00%
Неделя
 
Месяц
 
Просмотров на пост
241
23 постов
Вовлечённость
19,5%
к подписчикам
Постов в день
0,7
всего 23
Упоминаний
4
каналов
Охват размещения
оценка
1/24сутки в ленте
80
1/48двое суток
91
1/72трое суток
98

Оценка по просмотрам недавних постов: пост набирает почти всё за первые сутки.

Посты

  • Аԥсуа иажәа, аԥсуа иашәа, Хаҵала аԥсра, Ан-Аԥсадгьыл, адгьыл хьшәашәа, Аха – ҳхәышҭаара. Икәеицеиуа ажәҩан ԥхозар, Уи еҵәала иҭәуп. Аԥсуара... Акны иаҳҳәозар, Хаҵароуп изтәу. ✍️ Терент Ҷаниа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • 🏔️"Ҳаӡбахә ахы иҩанагоит". Ахаҵара иазку ажәаԥҟақәа: • Агәыӷәӷәара ахацәа рахь уаргылоит. • Агәаӷьра ашьха аҵкыс ииааиуеит, ахаҵара амшын ируеит. • Ахаҵара зхылҵыз Нарҭаа роуп, ашәаргәындара – ҩысҭаа цырҟьоуп. • Ауаҩра зцым ахаҵара патудоуп. • Аԥсрагьы ахаҵара аҭахуп. • Мышкы ииуа мышкы дыԥсуеит, ахаҵа – ихьӡ азоуп Анцәа дзиша! • Ахаҵара азыҳәоуп ахаҵа дзиуа. • Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа. • Ахьӡи ахьымӡӷи рзоуп ауаҩы адәы дзықәу. • Аԥсуа иԥсырҭа иламыс ауп. 📌 Иҟәазны иалкаау ажәаԥҟақәа хәба адыгаа ирҳәо "Псэм ипэ напэ" (Честь дороже жизни) иашьашәалоит ҵакыла. #ажәаԥҟақәа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • АИБАШЬРААНТӘИ АГАРАШӘА Аҭабиа аҩныҵҟа ҭылашьцароуп, Ицәаакыроуп, илашом... Дук мырҵыкәа аҵх шароуп, Аха ишом, ишом, ишом!.. Иҟам, cымаалықь, ҳаҩнабжа – Угара ахьгылаз: шьышь-наани... Аха иҟагәышьоуп ҳҭабиа, Ҩныс иҳамоу уахи-ҽни! Џьаҳанымуп ҳакәша-мыкәша, Иҵаԥырҟоит ҳдац абра. Аха инҳажьуам ҳа ҳаҩнабжа, Аха инҳажьуам ҳхәышҭаара!.. Адәы уқәымхарц уеиҭымха Иаҿагылоуп уашьцәа ахы. Уаб иашьа дыршьит иацуха, Аха иргеит Ануаа рхәы! Уаб ахымца даҿагылоуп, Имахәҿа урӷәӷәоит уара! Уцәом, уцәом, уцәа ҟьалоуп, Уцәа дәықәуп еибашьра!.. Иҟам, сымаалықь, ҳаҩнабжа – Угара ахьгылаз: шьышь-наани... Аха иҟагәышьоуп ҳҭабиа – Ҩныс иҳамоу уахи-ҽни! Мушьни Лашәриа, 1993 #алирика 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • ✨ Нанҳәамза аҵхқәа аеҵәақәа рыхәаԥшразы ишоуп. Иаҳамбо аӡәы напы барақьаҭла иаарыжәпаӡаны ахьы-жәла иҟьазшәоуп жәҩан агәы ишыҵаԥсоу дара. Уажәааны зегьы иреиӷьуп ашьха уҟазар, уа ажәҩан уазааигәоуп, аҵхгьы иаҳа иҵәцоуп. Аеҵә рыбла ҭацырцырқәа узылбааԥшуеит, иулацәҟәоит, рыкәеицеира уадрыԥхьалоит. Алашьцара иалԥхаауа, аҵх ԥарда рҽылаҳәан, аарла-аарла ишеибархәыҭхәыҭуа уаҳауазшәагьы уааҟалоит, ҳабдуцәа ираҳауаз "аеҵә бызшәала". Ашьха бзиоуп. Аха абри асахьа иаабац аҩны абарҵаҟынтә иҭыхуп, агаҿа. Убла иамбо, зынӡа иссоу алашара кәицқәа акамера иабоит, икеикеиуа иҭнагоит. Иссируп иара атәала ҳаргьы ҳаамҭа... Ҳала рыдхалоит аеҵәақәа. Ҳадунеи иахаану акрыҟазар, аамҭа иалхәхәа иаауа дара рылашара ауп... Сынтәа, нанҳәа 12 рзы, ссиршәа ихәыцуп уҳәартә астрономиатә цәырҵрақәа ԥыҭк еиқәшәоит. Апланетақәа реицбара, аеҵәлеира 🌠, Асар рымҩа ҭӷәыхаа 🌌, амратыҩкра уҳәа. Ажәҩан цқьазар, ԥыҭк ҳбақәар ахәҭоуп. Апланетақәа ҩашьаӡом, иаҳа иааҟәазны, иҭааӡа иԥхақәо дара роуп. Иџьуџьуа илацәҟәуа, икәеицеиуа — еҵәақәоуп. Ҳазыԥшуп ашана ҵхы. 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • 11 авг.1548из sputnik_apsny_info

    Асахьаҭыхҩы Александр Шервашиӡе-Чачба иԥсҭазаареи иҟазареи иадҳәалоу аматериалқәа ыҟоуп, аха ихьӡ зху амузеи аҟны, дара Чачбақәа рхылҵшьҭра зегьы рҟазара аарԥшра алыршахар — даара иарбеиоит ҳәа лыԥхьаӡоит Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа. "Александр Шервашиӡе-Чачба иааикәыршаны иҟаз иҭынхацәа зегьы: Георги Шервашиӡе иоума, Мери Шервашиӡе лоума, уи лаҳәшьа Ҭамара лоума, Англиа инхоз раб иашьа иԥҳа лоума. Дара Чачбақәа рнапы злакыз ахырхарҭақәа убриаҟара ирацәоуп, дара рбеиара, Аԥсны аҭоурых азы ирылшаз зегьы аарԥшра — кырӡа аҵанакуеит", — азгәалҭеит лара. 🖇 Александр Шервашиӡе-Чачба — раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхыҩ, аграфик, асценограф, аҟазараҭҵааҩ, акритик. Аҟаза ихьӡ зху амузеи аартхоит Пушкин имҩаҿы игылоу анџьныр Даль иҩны аҿы. Амузеи аусура аларгара азгәаҭоуп 2027 шықәса анҵәамҭазы. Аҟәа ақалақь ахадара аргылара аҿаԥшылареи ахыбра ҿыц ақәҵарреи рзы аусурақәа зегьы рымҩаԥгара ахахьы иагеит. Уи адагьы, Аԥсны иаԥҵоуп раԥхьаӡатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы Александр Шервашиӡе-Чачба ифонд. 2024 шықәса алагамҭазы Амилаҭтә сахьатә галереиа аҵәахырҭаҿы иҟалаз абылраан Александр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа 200 рҟынӡа алаблит. Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳаи арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Лана Аԥшьлааԥҳаи реицәажәара инарҭбааны — авидеонҵамҭаҿы. #social

  • Ажәа амч амоуп... 🟠Алакә еиҭаҳәаны иаалгаз дырныҳәон аԥсуаа абасеиԥш: • Алакә уақәлахааит! • Алакә анарха уоуааит! • Алакә ашәа́ анарха алакә шаны адунеи иқәызҵаз иуаҭәеишьааит! 🟠Иара иакәзаргьы, илакә хиркәшон изыӡырҩуаз ирызку ныҳәаԥхьыӡла, иаҳҳәап: • Ҩ-ӡиаск ҭахаа ишыцәоу жәбаанӡа Анцәа дышәхымыццакааит! • Ахьы масар нарсны хьы-шәахәацла ихасшшаанӡа Анцәа шәимшьааит! • Ага сцаны, лыхәҭала аӡы ааганы, гәырԥынҵала абысҭа уны, иаакныхны крышәҿасҵаанӡа, Анцәа шәимшьааит! 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • 7 авг.292202

    Ашьыжь игылаз иҽан ҽаба аҵеикит. Иаабац ажәаԥҟақәа излареиԥшым ыҟоуп — иара иагәылоуп афразеологизм. "Ҽан ҽаба аҵеикит" аԥсуа-абаза бызшәақәа рҿы иаанагоит "дманшәалахеит, иусқәа хиеит, ԥыла иԥылт" (ацәажәаратә стиль иатәуп). Уи аҟынтә ари ажәаԥҟа ишиашоу еиҭаргаӡом, ҵакыла мацара, аурысшәаҿы иашьашәалоит "Кто рано встает, тому Бог дает". Ажәаԥҟа иамоуп авариант: Ашаразы игылаз иҽы ҵеикит, шьыбжьон игылаз иарба(ӷь) ҵеикит. Ихьшәоу аус аԥгала шырацәам уанаҳәоит. Адыга бызшәаҿы иаҳԥылоит иазааигәақәоу: • Заанаҵ игылаз аҽҵыс ҳамҭас ирҭеит. • Анасыԥ аныршо ашьыжь ауп. Аԥсуаа ирҳәоит иара убас "Ашьыжь аныҳәаҩ дгәарлоит" ҳәа. #ажәаԥҟақәа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • 4 авг.361287

    "Мшыбзиа!" – аҳәашьа уақәшәар, "Бзиа убааит!" – ҳәа аҭак аауеит. Ахымҩаԥгашьа бзиа узақәшәар, Умҩа уаԥхьаҟа иаатуеит. Ажәа ҟәанда абызшәа еилнахуам, Иаламысуп ауаҩра. Бзанҵ ахы ахьуам, бзанҵ агәы ахьуам, Ихааӡа аԥсшәа аҳәара. Ихааӡа иҟоу ажәа анаалоит Ауаҩытәыҩса ихы-иҿаҟны. Ихааӡа иҟоу ажәа анхалоит Ауаҩытәыҩса игәаҟны. "Мшыбзиа!" – аҳәашьа уақәшәар, "Бзиа убааит!" – ҳәа аҭак аауеит, Ахымҩаԥгашьа бзиа узақәшәар, Умҩа уаԥхьаҟа иаатуеит. ✍🏻 Алықьса Џьонуа Мшыбзиа аҳәашьа уақәымшәар, абас акы уақәшәаргь ҟалоит👇 Арԥыс бзиан Шугьан, аха уи данцәажәоз есқьынагьы иажәа иалан "ыҟами". Ҽнак зны дышнеиуаз дааиԥылеит аҭакәажә Кәакәала. Шугьан уи даниба, дналеихырхәан аԥсшәа налеиҳәеит: "Ди, мшыбзиа, ыҟами?" "Иҟами, иҟами, нан", – лҳәан, наҟ днаиаҩсит Кәакәала. Анатоли Аџьынџьал 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • 3 авг.255261

    Дырмит Гәлиа ироман "Камаҷыҷ" даара ибеиоуп ажәаԥҟақәеи исахьарку ажәеизакқәеи рыла. Урҭ реиҳарак иахьа иаҳҳәо, зҵакы бзианы еилаҳкаауа роуп, аха иуԥылоит акык-ҩбак аамҭа иагахьоугьы. Убас иҟоуп, иаҳҳәап, "Мыса имшыбзиа еиԥш уџьабаа баша иӡуеит" ҳәа ахьиҳәо аҭыԥ. Ари афразеологизм иҟалахьаз ҭоурыхк иахылҿиааит, уи моу Гәлиа имоуп иара иазку ажәабжь кьаҿ: МЫСА ИМШЫБЗИА ШЫБЖЬАӠЫЗ Мыса уаҩ шьахәк иакәын, анамыси аҵаси рзы акы згыз уаҩымызт, аха дшыхәыҷыз аџьмахьчара дназыркын, урҭ даарыдхалт. Абар иуаҩыбжара днахысит Мыса, аха уеизгьы иџьмақәа изкамԥсеит, урҭ дрыдхалт. Иԥацәа — арԥар заманақәа нидгылан: — Баба, урҟәаҵ абарҭ аџьмақәа, ҳара уныҟәаагартә ҳаҟоуп, — рҳәеит, аха урҭ изкамыжьт, дрыцрымҵит. Ианимуӡа, ма мҽышала аизарахь ункылсла, ауаа унарылаԥшла, уаргьы ухы надырбала, ԥхашьароуп, ибнакыз аӡә иеиԥш абна ухы науҭаӡар рҳәан, иааидырцалаӡеит. Арҭ ианырмуӡа, ҽнак Мыса аизарахь дцеит. Харантә днаԥшны ибон аҵлақәа рымҵа ашәшьырақәа рҿы гәыԥ-гәыԥ ауаа еилатәаны, ажәақәа еимакуа, рыбжьы рдуны ишцәажәоз. Убарҭ аҵлақәа руакы аҟны ажәа еимакуа ицәажәоз агәыԥ-ҩы днеины днархагылан, "Уа, мшыбзиақәа!" иҳәеит, аха урҭ реимак ӷәӷәан, уи аӡәгьы имаҳаӡеит, ацкы иарымҳәеит. — Убригь сыԥхасҭақәа иреиуан! — иҳәан Мыса днаскьаны ашәшьыраҿы днатәеит. Убри инаркны "Мыса имшыбзиа еиԥш ибжьаӡит" ҳәа ажәаны иаанхеит. 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • 2 авг.274241

    АН ЛХАРҴӘЫ (иҟаҵәҟьаз ахҭыс) Аԥсуа жәлар ҳҟаза ду Уасил Царгәыш иаб диздырӡомызт. Уи ажәытә аибашьра ду аан хабарда дыбжьаӡит. Иааизынхеит ани аԥеи. Ахаҵа аҩны дахьыҩнам аԥҳәысеиба лыҷкәын заҵәи лареи реибааӡара иацу ауадаҩрақәа ззымдыруа, зхаҿы аагара злымшода. Акәтаӷь цәа дылкәкәааны длааӡон Уасил иан, ԥсаҭа шкәакәа. Ауаҩ иакәым, абна илоу ашәарахгьы зны агәы бааԥсхоит рҳәоит. Игәы бааԥсхан, ахәшәтәырҭа дҭахеит Уасил. Уахгьы-ҽынгьы тәамҩахә змамыз аҩнтәи лусқәа лҽырхаршәало, Аҷандареи Гәдоуҭеи дрыбжьалеит ан. Ма ахәшәтәырҭаҿы уи ирҭоз афатә лыҷкәын изхоны илыԥхьаӡозма! Есҽнеиԥш уи аҽынгьы Аниута лыҷкәын ихәы аалырхиан, Гәдоуҭаҟа амҩа дықәлеит. Мидарадәы днахысны дышлеиуаз иаалыхьӡеит рколнхара иамаз аидарашьҭыхга машьына. Амашьынарныҟәцаҩ иахьа дибазма аԥҳәыс ламыс Аниута, илзааникылеит. — Бааи, бҭал, бхаҵкы сцеит , Аниута, — иҳәеит, аԥҳәыс ҳаҭыр лықәҵаны, лымаршәа куа. — Аа, ухаҵкы сцааит сара, даара иҭабуп амашьына ахьсзаанукылаз, анреи аԥареи узыбзиарахааит, аха угәы иалумырсын, сара шьапыла сцоит, — лҳәеит. — Дихеит, сара ақалақь аҟынӡа сцоит, баргьы уахь бышцо здыруеит, иахьыбҭаху бнасымгои, — лхы зыхлырҟьоз изеилкаауамызт. — Нан дукәыхшааит, уца, сара амашьына сҭалаӡом. Избан акәзар Маџь изы исырҵәыз ахарҵәы амашьына иаҟьар, еилаҩынтны иҟалар ҳәа сшәоит. Сара с-Маџь ахарҵәы баҟаӡа, амҳаҵә аламло ианыҟоу бзиа ибоит. Уи бзиа иибо изыҟасымҵар, уаҳа иззыҟасҵода? — лҳәан, лсумка иҭагылаз ахарҵәы ҵысыр ҳәа дшәо, изхьынҳалаз лнапы ҿыҵны икаҳауазаргьы хьаас ишлымам дырдыруа, ашацаҳәа лҿыналхеит. ✍🏻 Енвер Ажьиба 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • Аԥсуаа рыҷкәынцәа, анхаҩыжәлар рзықәԥаҩцәа (арымарахьтә арыӷьарахь): Ҵәыџь Ҭакәи, Ажәанба Шәлиман, Абыхә Гыџь (Асахьа ԥшшәыркуп иԥсабаратәым аинтеллект ахархәарала) Зхы изыршьыз аамсҭа иҵыхәала абрагьра зықәшәаз, заб ицәмаа имданы ҭынч анхара ззыҟамлаз Ҭакәи Ҵәыџьба, блаҵыхәала деилызкаауаз, амцаԥшь иаҩызаз аҩызцәа ивагылан. Ҩажәа шықәса дырҭан абас данақәшәа, ахаҵа гәы зызҭаз, иаразнакала ахаҵа цәагьы иҟәнылеит. Гыџь Абыхәба хышықәса рыла диеиҳан. Арык рзы иҟамлоз ахацәа, абџьарла, ҟанҭаруазла еиқәных, шәарак рзымдырӡо, рҽы ццышәқәа ианрықәтәалак аԥша иаԥысуан, мышкала агеи ашьхеи еимырдон, аказақгьы рыхәомызт. Бзыԥаа рфырхаҵа Кьахь Ҳаџьараҭ дшырыхьчоз еиԥш, абжьыуаагьы аиҟарамра иаҿагылаз рҵеицәеи дареи еибахьчон. Арҭ ахҭысқәа ҟалеит амҳаџьыррақәа зегьы раамышьҭахь, XIX ашәышықәса анҵәамҭазы — XX алагамҭазы. Инарҭбааны, уамакалагьы исахьаркны иаарԥшуп ашәҟәыҩҩы Рушьни Џьапуа иҭоурыхтә роман "Ахымҩас" аҟны. Ароман шеибгоу шәаԥхьар шәылшоит абра>> Иааҳгоит уантә цыԥҵәахақәак: Ахаҵа данхаҵаха, илазароуп ахьаҵрагьы, уажәшьҭан джәыларц азыҳәан. Аԥсҭазаараҿы ҩ-мчык анеиҿагыло, руак аҵамхар ҟалом, уи идыру усуп. Аха иаҵамхароуп убри амчра, ауаатәыҩса рзыҳәан иқәԥо. Убри аиааира агарц азыҳәан дара ауаатәыҩсагьы рыԥсҭазаара хьарымкыроуп. Ауаа лаҟәқәа рҵыхәалоуп Аԥсадгьыл зҭахо. Аха, иџьоушьаша, иара Аԥсадгьылгьы урҭ шьапҿаршә азыруаанӡа иагәыҵаҳәҳәаны иахьамоу ауп. Нас хланҵы иандәықәырҵалак уаанӡа иаҵагәаны иамаз аҵеицәа рыда ҵаргәа амоуа иааҟалахуеит. *Аҩымҭаҟны Гыџьи Ҭакәии аԥхьаӡа ирыцлаз рҩыза Шәлымба Асҭана ихьӡуп 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • Ацәаҟәа абаза бызшәала "ҟәшәа́маа" ҳәа иашьҭоуп (хъвшвамгӏа), аҵакы: ачуан амаа. Иеиԥшым узҳәом, еиҳаракгьы абасеиԥш аҽырхәаны аҩ-шьапык рыла "аӡы анажәуа" 🌈 Аԥсуа бызшәа ашәарыцаратә лексика аҟынгьы ачуан "аҟәшәа́" ҳәа азырҳәон, иара убас даҽа хьыӡшьаракгьы амоуп — "аиқəба́". #асинонимқәа Асахьаҿы: Аҟәа иахьа, Томас Тҳаиҵыкә иҭыхымҭа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • Ԥхынгәы 29, 1866 шықәсазы Лыхнытәи ақәгылара ашыкьымҭазы, аԥсуаа аҳас ихьӡ рҳәеит усҟан 20 шықәса ирҭагылаз Гьаргь Чачба. Аҳ иԥа Гьаргь — абас акәын ишишьҭаз ажәлар рҟны аҭеиҭԥш ҷыда змаз, зыԥсадгьыл згәы азыбылуаз уи арԥыс аамсҭашәа. Ари ашьаҿа иахәаԥштәуп 1864 шықәсазы иаԥыхыз Аԥсны аҳра (ахҳәаақәҵара азин) аиҭашьақәыргылара аҽазышәара акәны. Хшыҩла, гәымшәала иазхәыцны еиҿкааз усын, аха иалымҵгәышьеит — зхақәиҭра иазықәԥоз ҳажәлар аурыс ҳәынҭқар ир хыԥхьаӡарала иреикануа иҟамызт. Ақәгылара еиқәыркит. Арҭ ахҭысқәа ҟалеижьҭеи ицқьаны 160 шықәса ҵуеит. Аҭоурых азы иацы акәызшәа иҟоуп: абиԥарала уахәаԥшыр, ҳабдуцәа рабдуцәа рхаан. Ажәлар рычҳара хыжжит ԥхынгәы 26 рзы быжь-нызқьҩык инарзынаԥшуа иахьеизаз, Лыхнашҭа. Иазыӡарҩуан аҳәынҭқар ичынуаа рыла иааицҳаз аҳәамҭа: анхацәа шәхы шәақәиҭаҳтәуеит, аха шәыдгьыл шәықәаарыхларц азы ҭауади-аамсҭеи рҟны шәхы ҿышәхроуп ԥарала-шьарала ҳәа. Аԥсуаа ари рзымбатәбарахеит, иара усгьы аӡәы ихәура ҳҭам ҳәа зхы зыԥхьаӡоз, зхәы аазрыхуаз, уи моу аҳ ихәгьы згоз, еиҳа ирзеицәоу иҭанаргылоит акәын ари иаанагоз, ихьыԥшны иҟанаҵон. Хаала нышәашьа рымамызт. Дара ҭауади-аамсҭеигьы ргәы иааҵаххит ираҳаз: анхацәа тәыс ирымамызт, рхәыҷқәа зааӡоз урҭ ракәын. Аха арҭ акәамаҵамақәа рыҭҵаара моу рыххәыцрагьы иааиз ахамхаԥагьацәа рахьтә уаҩы игәы иҭамызт. Убри аҽны ф-сааҭк дцәажәон ажәлар рыхьӡала Шамы Уасман. Аиҭагаҩцәа ааԥсон, рыбжьы цон, рҽырыԥсахуан, иара ибжьы ҿацаӡа ишгац игон. Аҵыхәтәан, ианамуӡа, ҳшыҟоу ҳаншәыжь, ҳабзазашьа ҳара ҳныҟәнагоит ҳәа иҟаиҵаз аҳәарагьы хырҩа амоуит. Икаҭәеит Аҟәатәи арратә округ аиҳабы Кониар ишьа, уи дзыхьчоз афицарцәеи аказақцәеи ршьа. Ақәгылара иамҽханакит ҩажәа нызқьҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра, Калдахәара инаркны Ҵабалынӡа. Аԥсны аҭоурых аҿы иреиҳаӡоу ҳәа иԥхьаӡоуп. Аԥсны анҭыҵ аӡбахә цеит, Кавказ зегьы иахыҵәеит (аҟабардақәа ус рҳәазаап "ҳшәыршыр, ҳаргьы ҳаԥсыуаахоит" ҳәа, уи иаанагоз абџьар шьҭаҳхуеит ҳәа акәын). Мчыбжьык инацны ицон аҿагылара, аха амчра ҿыц ирҳәаз ҳәан. Лыхнытәи ақәгылара аиҿкааҩцәеи алахәцәеи ӷәӷәала иахьырхәын. Шықәсык аҩнуҵҟа жәанызқьҩыла ажәлар Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара иақәдыршәеит. #аҭоурых 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • 29 июл.23511из sputnik_apsny_info

    Ажурнал "Алашара" ахԥатәи аномер ҭыҵит. Уи акыршықәса амаҵ азызуаз, атрадициақәа еихаҳауа иаазгоз апоет, ажурнал уаанӡатәи аредактор хада Анатолии Лагәлаа игәалашәара иазкуп. Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит "Алашара" аредактор хада ҿыц Аинар Ҷыҭанаа. "Ажурнал иагәылоуп мызкы-ҩымз ирылагӡан Анатоли Ианкәа-иҧа ииҩыз, акьыҧхь зымбацыз иҩымҭақәа. Урҭ автор ишиҩызҵәыҟьа иҟоуп, аредакциа рзуӡам", — иҳәеит Аинар Ҷыҭанаа. "Алашара" аредактор ҿыц иазгәеиҭеит, ажурнал аҭыжьра анхацыркыз аахыс аҵакы ҧсахрада ишаанхо. "Зҽызыҧсахуа аҧхьаҩ иоуп, ҳара ҳауп. Ажурнал аҵакы ацәыӡуам иахьагьы, уаҵәгьы", — иҳәеит иара. Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәыҧшыр ҟалоит Sputnik Аҧсны асаит аҟны. 🖇 Ажурнал "Алашара" аредактор хада, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иԥсҭазаара далҵит ҳазҭоу ашықәс жәабран 15 рзы. #social

  • Аус злоу – ахи аҵыхәеи, Ахи аҵыхәеи роуп ижәдыр, Ахы шәызҭымгар, аҵыхәа иаҧсыхәеи, Аҵыхәа ҭызгода – ахы шәышьҭыр! Абжьарак иҟоугь ирылшарызеи, Ахи аҵыхәеи анҭаха! Шәыжәҩа еибышәҭа, шәыззыԥшузеи, Ахи аҵыхәеи еиқәшәыршәа!.. Ар ирҵасуп жәытәӡаахысгььы, Ҳарҭ уи ала ҳаиҿартәан. Акгьы ҳазеиқәырхом уажәынахысгьы – Аҵыхәа ҭышәымгар шәымун! Аҵыхәа ҭыжәгарц – ахы ҭыжәга, Ахы шәыцәҭамхааит аҳаҳаи! Хьыӡла-ҧшала ҩада ихәныжәга, Абжьарак иҟоугь шәрыҧхьа: шәааи! Зегь аджәгала ахи аҵыхәеи, Жәлары ирусны иҟашәҵа. Иҭахаз ирымоуп абри гәҭыхас, Дҵас ишәырҭоит: инашәыгӡа!.. ✍️ Витали Амаршьан, 2005 #алирика 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • ☀️Аԥхынтәи ажәаԥҟақәа • Аԥхын аҟәраангьы амхы азылоуп. • Амш егьа идузаргьы зны ихәлоит. • Аҽада ашьха иушьҭыргьы ишҽадоу иаауеит. • Мышцәгьашьҭахь акәара хәыҷқәагьы урыхәом. • Амш уақәгәыӷны уапада умныҟәан. • Ажәҩан ааигәоуп, ауапа хароуп. • Аҵла егьа идузаргьы, абӷьы амамзар, ашәшьыра азыҟаҵаӡом. • Аҵла ус аҳәеит: "Аԥша самыргарҽаруанда, егьагьы стәарыԥсарын". • Ашьханҵаҩы акы даҳәароуп, акы ааихәароуп, акы иӷьычроуп 🐝 • Адыд иацәшәаз акалаҭ дыҵалеит. • Анхаҩы драшәон, ихәаԥшуаз имариоушәа ибон. • Аҟәыдгьы жәлала иҟалоит. #ажәаԥҟақәа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • Аиҳабацәа урхагыланы аҩынаҳара — ҳаҭыр змоу маҵуроуп. Аҩынаҳара иагьакуп, иагьыҩбоуп, уи аҵәца арҭәра акәӡам иаанаго, арҭәышьоуп. Аҵәца шықәгылоу аҩы ҭоуҭәар ԥхашьароуп, насгьы зегьы ианыржәлак ауп ианҭарҭәо. Аҵәца цқьа имжәызар, иҭоуҭәаӡом, иаақәхны, "иҟалозар, уаҵәца амх " ҳәа иоуҳәоит. Игәамбзиара аҟнытә имжәуазар ҟалоит, усҟан аҭамада изин алоуп ишурҭәуа. Аҵәцақәа урҭәуеит зегьы неиҟараны: иурҭәцәаргьы ҟалом, иурбжатаргьы ҟалом. Уигьы акәым, аҭамада аныҳәаҿақәа рацәаны икыр, урҭ аԥхьа иикыз, ашьҭахь иикыз еилырфаҷа иудыруазароуп. Маҵура хәыҷы ыҟам, маҵура ду ыҟам, — иҳәалон даду, — аус злоу, унапы ианырҵаз аус шаҟа ламысрала, ҟәышрала инаугӡаз ауп. Даду аҩынаҳара саиршьцылахьан. Аҭакԥхықәра анаҩсангьы аҩынаҳара злабзиоу — шаҟа жәабжь, шаҟа лаф, шаҟа ажәа ҟәыш уаҳауазеи! Аҩыжәра аиҳа убарҭ ракәын аԥыжәара змаз... Асасцәа рхәы ианахыҵлак рҽаанкылан, ҳара ахаҵгылацәа ҳтәаанӡа амҩа иқәломызт. Ус иҟазаарын ажәытәангьы. ✍️ Никәала Ҳашыг ишәҟәы "Аԥсуара ашьаҭақәа" аҟынтә 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • 23 июл.28516из sputnik_apsny_info

    Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭеит Аҟәа. Аныҳәа иалагеит абираҟныҟәгаҩцәа рныҟәарала. Амилаҭтә маҭәақәа зшәыз арԥарцәа аԥсыԥтә оркестр рыцны Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа инаркны Аԥсуа театр аҟынӡа инаргеит еиуеиԥшым аҭоурыхтә епохақәа ирыҵаркуа Аҧсны абираҟқәа. Атеатр аԥхьа ашҭаҿы аконцерт иалагеит, уи иалахәын аԥсуа естрадатә шәаҳәацәеи акәашаратә коллективқәеи. Ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан атәыла ахада Бадра Гәынба, Аҧсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр Владимир Делба, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.

  • Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш шәадныҳәалазааит, акыр иаԥсоу аԥхьаҩцәа! 🚩 🛡️🌟 Шәышықәсала заԥсуара еиқәырханы иаазгоз ҳабацәеи урҭ рабацәеи рбираҟ, аибашьра амцақәа ирылгоу, ахҭыԥ знылахьоу, ашьа злабахьоу. Аиаҵәа — ҳашьхеи, ҳамшыни, ҳӡы ҵамҵамқәеи, ҳшьац уарҳалқәеи рыԥшшәы, аиаҵәа змымҵәо ҳаԥсабара блахкыга, аҿиареи аԥсҭазаареи; ашкәакәа — ҳԥеиԥш лаша, ҳгәыӷрақәа, ҳгәамч, адоуҳацқьара; аҟаԥшь иану анапы — ҳҭоурых еиԥш иԥышәоуп, иӡрыжәуп ҳҭарчеи, аха наџьнатә аахысгьы иаҳҩызоу ҳаиҩызоуп, ҳгәы аартуп, ҳасасгәашә аартуп. Аԥсуареиԥш иԥшьоуп ҳбираҟ. Иахьа изхагылоу Аԥсны жәлар зегьы ракзаареи рыӷәӷәареи иадыргоуп, ҳмилаҭ хьӡы зху аҳәынҭқарра ахьыԥшымра иадыргоуп. Нагӡара ақәзааит аԥсуа бираҟ, нагӡара ақәзааит ихьыԥшым Аԥсны! 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

  • Ашәҟәыҩҩцәа ражәа хьыршәыгәқәа 📚 "Абаҳчаҿы арасамахә катката, аҩнаҭаҿы — аԥҳәызба еихышәашәа". Владимир Басариа "Аҳҭны-мца ҭбаазаргьы уарԥхом, лаӷырӡуп, аԥацха-мца маҷзаргьы иԥхоуп, иразуп". Баграт Шьынқәба "Аԥсуа иаҳаҭыр уахыкәласыр аҵкыс душьыр еиӷьишьоит". Иван Ҭарба "Аԥсуаа знызаҵәык ауп ауаҩы ииухьоу ацәгьара анианарыжьуа — данԥслак!.." Алықьса Џьниа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа